
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvАҧсны Афырхаҵа, аҵарауаҩ, археолог Мушьни Хәарцкьиа диижьҭеи хынҩажәи жәаба шықәса аҵра инамаданы, Н.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аҿы аибашьҩы ихьӡ зху акласс аҟны имҩаҧысит иаарту аурок. Уи аҟны ашколхәыҷқәа афырхаҵа изкны рдыррақәа аадырҧшуан.
Гәыбаадәы ( Красная поляна ) инхоз аԥсуа етнографиатә гәыԥ Ҭырқәтәыла иахьынхо иреиҳау ақыҭақәа ируакуп Бычка .Аҳҷыԥсаарҿы ауп Урыстәылатә аҳратәра Кавказтәи реибашьра ахьынҵәаз . Аибашьра ашьҭахь аҳҷыԥсаа рҭыԥқәа рҟынтәи ихырҵәаны , иеиуеиԥшым атәылақәарахь идәықәҵан . Аԥсуаа аҵыхәтәанынӡа иеибашьуан , аха иаҵахеит .