АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aшәахьа, 08 Ԥхынкәын 2025

Aҩаша, 09 Ԥхынкәын 2025 02:40

Анхаҩы. Константин Џьугьелиа

Икьыԥхьуп Анхаҩы
Aҩаша, 09 Ԥхынкәын 2025 01:41

Амшеикәшара 08.12.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 09 Ԥхынкәын 2025 01:34

Акциа «Ашанаҵла» хацыркуп

Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәыҷқәа ззыҳәо аҳамҭақәа аархәарц рылшоит агәыразра аазырҧшуа ауааҧсыра. Урҭзну ашәҟәқәа аҧҟасахьақәа рыҭаны акультура-усутә платформа Гәыма игылоу аҧсаӡ аҿы ихшьуп.Ирацәоума Аҵаа Бабадуи Асҭыҧҳаи рыхьӡала инашьҭу асалам шәҟәқәа, ишҧамҩаҧыслои акциа, арҭ азҵаарақәа рҭакқәа ҟаҵан акультура-усуратә платформа"Гәыма", Акультура гәыҳалалратә фонд "Ашана", Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара"Кьараз" имҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иара еиҿкаауп ҧсышәа мацарала. Изызҳауа абиҧарақәеи ааӡаҩцәеи рхы иадырхәлар рылшоит ҧшь-темак рыла. Ажәабжьиацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә хеилак ахыбраҟны имҩаҧысит "Муминаҭ Гонова - абаза Жанна Д-Арк" захьӡу адокументалтә фильм аӡыргара. Афильм азкуп апрофессор, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи ,Урыстәылатәи Академиа афилиал - Нхыҵ Кавказтәи аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩеиҳабы- Муминаҭ Гонова лыҧсҭазаареи лырҿиаратә мҩеи.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

"Афонҿыцтәи аҳаҧы - Аҧсны аҧшӡарақәа рыҭҵаара",- абас ахьӡуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аҿы имҩаҧысуа жәларбжьаратәи анаукатәконференциа. Уи Афонҿыцтәи аҳаҧы 50 шықәса ахыҵреи иара аазыртыз аспелеолог Гиви Смыр диижьҭеи 80шықәса аҵреи ирызкуп. Ари аконференциа иалахәуп еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтә аҵарауаа гәыҧҩык. Иара убас,изҭаху онлаин аформат ала аконференциа рхы аладырхәыртә еиҧш алшара рзаҧҵоуп.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 08 Ԥхынкәын 2025 10:06

Амчыбжь 07.12.2025

Икьыԥхьуп Амчыбжь
Aшәахьа, 08 Ԥхынкәын 2025 10:04

Сабшала 06.12.2025

Икьыԥхьуп Сабшала

Архив новостей

« Ԥхынкәын 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31