

Ҳазҭоу ашықәсазы аиҿкаара "Урыстәыла-ҿа" агәыҳалалратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳреспублмикаҿы хыҧхьаӡара рацәала аспорттәдәқәа аартын. Уажәы Аҟәа урҭ ирыцлеит даҽакгьы. Иааилаҵаны, ҳаҳҭны-қалақьаҿы еиқәыршәаны иҟаҵоуп жәаха дәы рҟынӡа. Ешба имҩаду аҿы имҩаҧысыз аспорттә дәы аартра далахәын Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.
Ари арыцхә аҳаҭыр азы аныҳәатә усмҩаҧгатә еиҿкаан. Аҧсуа қәра нызҵыз аҵараиурҭа асасцәа аҭан. Рышкол гәакьахьимҩахыҵит аушьҭымҭацәа,аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа, Тҟәарчал араион анапхгара.
Иахьа Аҧсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәеи Ҭырқәтәылатәи Аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгаҩы Иауз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу аделегациеи еиҧылеит. Аиҧылараҿы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәаразы актуалра злоу азҵаатәқәа ирылацәажәеит.
Урҭ ахәшьара рыҭаразы ари аҭыҧ даҭааит Аҧсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада, Аҧсны Ахада Бадра Гәынба.