

Иара убас, Аҟәа ақалақь ажәаҩатәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи жәашықәсала иззыҧшыз ахҭыс иахьа иҟалеит. Аспорт ҽазыҟаҵарҭатә ҭыҧ еиҭашьақәыргылоуп. Уи аартра иалахәын Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, аҵарадырра аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл, Аҧсны Жәлар реизара адепутат Наур Нарманиа. Ари аус иалахәын ҳҭыхратә гәыҧгьы.
Ари аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба. "Ҳқыҭақәа реиқәырхара, урҭ рыгәцакра - аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәгылоу аусқәа ираҧхьагылоуп",- иҳәеит Аҧсны Ахада иқәгылараҿы.
Аҭыҧантәи аҧшӡарақәа ирҭаарц згәы иҭоу - заа ҳтәыла асасааирҭақәа рҿы ауадақәа ныркылоит ,иадҵаало рацәаҩуп. Ҳаргьы аҽазыҟаҵара ҳаҿуп асасцәа ҳадкыларазы. Ашықәс ҿыцаз ҧшәымеи саси ирзыҧшу апрограммеи, егьырҭ аусмҩаҧгатәқәеи ртәы анҵамҭаҿы.
Иаартын Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҧсны Жлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи еиҿнакааз афотоцәыргақәҵа. Уи иалахәын аҧыза-министр Владимир Делба , аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанба, Владислав Арӡынба иҧшәмаҧҳәыс Светлана Џьергениаҧҳа, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, астудентцәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.