

Ахыбра ацәыргақәҵа аиҿкаа иазырхиоуп, иаанхаз аҩнымаҭәеи , аекспозициақәеи рыҩнаргылара ауп. Иарбан материалқәоу ицәыргахо аҭоурых аарҧшразы, насгьы ианбаартхо? Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Ари ақәыргыламҭа актиор, арежиссиор, Аҧсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба игәаларшәара иазкны имҩаҧган. Аспектакль ашҟа имҩахыҵит иара ибзиаӡан дыздыруаз, аусицзухьаз иҩызцәа,аҭаацәа, астудентцәа ҿарацәа.
Иналукааша аҵарауа., алитератураҭҵааҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, ААУ апрофессор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик Маргарита Глеб - иҧҳа Ладариа лыҧсы ҭазҭгьы, илхыҵуан 100 шықәса. Ари амш аҳаҭыр азы, Аҟәа, аҵарауаҩ дахьынхоз аҩны аҿы иаартын агәалашәагатә ӷәы. Иара убасгьы, аунивирситет аҿы имҩаҧысит "Аҧсҭазаара ажәа анаукаҿы" ҳәа захьӡыз аиубилеитә конференциа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.