АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҧшьаша, 09 Жьҭаара 2025

Aхәаша, 10 Жьҭаара 2025 01:17

Амшеикәшара 09.10.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ахәыҷқәа анашана иалазырҧшуа, акробатцәа рҟазара ахьаадырҧшуа, абнатә ҧстәқәа еиуеиҧшым аномерқәа ахьынарыгӡо, абарҭқәа зегьы ахьубарҭо ацирк аҿы ауп. Амобилтә еимадара Амобаил ҳреспублика араионқәа жәаха қыҭа рҟынтә , ахәыҷқәа ари анашана рыблала ирбарц азы алшарақәа рзаҧнаҵеит. Убас, Аҧсны иааны иҟаз"Агәымшәақәа реҵәаџьаа" захьӡыз ацирк иаҭааны иахәаҧшит 550-ҩык ахәыҷқәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи аҽазыҟаҵара шымҩаҧысуа еилыркаауан ҳкорреспондентцәа. Шәахәаҧш урҭ Лыхны иҟарҵаз анҵамҭа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ражден Гәымба ихьӡзху аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи арҵаҩы изанааҭтә ныҳәамш. Арахь ааҧхьара рыман Аҧсны ашколқәа рҟынтәи арҵаҩцәа, Аҧсны араионқәа рҵара аҟәшақәа русзуҩцәа. Аныҳәатә мшы рыдиныҳәалеит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба. Аусмҩаҧгатә иалахәын аҧыза-министр Владимир Делба, уи ихаҭыпуаа Џьансыхә Нанбеи Вараздаҭ Минасиани.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Апартиа хантәаҩыс далхуп Алхас Барзаниа. Аизараҿы ирыдыркылеит арезолиуциа. Апартиа "Иаку Аҧсны"асасцәа рхыҧхьаӡараҿы иҟан Александр Карелини Светлана Журовои. Аҧсны рыҟазаара рхы иархәаны, асасцәа еиуеиҧшым аобиектқәа ирҭааит. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.

 

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Арҭ амшқәа рзы Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысуеит "Аҧсни Урыстәылеи риашьаратә жәларқәа рҧеиҧш ахьӡала аҭынха"ҳәа захьӡу афорум. Уи азкуп аҧсылмантә ҭынха, акзаара, ашьҭраеимадара азҵаарақәа рыӡбара.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Светлана Журова депутатк иаҳасабала Урыстәыла аполитикатә ҧсҭазаараҿы Аҧсны инанагӡо ароль дазааҭгылеит.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи афедерациа асенатор,хынтәтәи аолимпиатә чемпион Александр КарелиниАҳәынҭқарратә Дума адепутат Светлана Журовои дырҧылеит. "Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еснагь аиашареи аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭас ирымоуп",-ҳәа азгәеиҭеит Аҧсны ахада

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 09 Жьҭаара 2025 08:28

Уарада. Владимир Занҭариа

Икьыԥхьуп Уарада

Архив новостей

« Жьҭаара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31