Адырраҭарақəа

Амчыбжь 24.09.2023

00:13 Амҩаҧгаҩ Сима Аргәынҧҳа

02:28 30 шықәса раҧхьа абри амш аҽны аҧсуа еибашьцәа ажәыларақәа ирҿын ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә Аҟәа аҭарцәразы.

02:03 Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа, аибашьцәа ирызку анҵамҭақәа, аиҧыларақәа. Хҭысла иҭәыз Амчыбжь ажәабжь хадақәа рыхҳәаа.

07:50 Иларҵаз аадрыхит! Аҭара инхо Кәыҵниаа рҭаацәара аҧсуа пырпылца аҽаҩра бзиа ҭаргалеит сынтәа. «Барақьаҭ» иаҧшьнагаз ари асоциалтә проект алҵшәақәа ҳанҵамҭа ҷыдаҿы.

17:08 Арратә рхив-ҳтәыла аҭоурых. Арҭ амшқәа рзы архив аусура еиҳагьы иацлеит. Аныҳәа инамаданы аусбарҭа иадҵаало рхыҧхьаӡара еиҳахеит. Ишҧашьақәгылоз аибашьцәа рсиақәа аханатә? Иахьатәи аамҭазы уи шьақәзырҕәҕәода, знапы аҵаҩыда. Уи атәы аиҿцәажәараҿы. Адырраҭара асас хада Аҧсны арбџьармчқәа рархив аиҳабы Валериан Агәмаа.

 

Media

Иҵегь ари акатегориаҟны « Амчыбжь 17.09.2023 Амчыбжь 15.10.2023 »