Адырраҭарақəа

Амчыбжь 17.09.2023

Ҳапрограммаҿы: 00:13 Амҩаҧгаҩ Сима Аргәынҧҳа

01:20 Амчыбжь ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.

05:17 Аиааира ааигәазтәыз. Ҩажәи жәаба шықәса раҧхьа, цәыббра жәаф рзы Аҧсны арбџьармчқәа Мрагыларахьтәи Мраҭашәарахьтәи афронтқәа рыла ажәылара иалагеит.

09:59 Ареферендум амҩаҧгаразы аҧшьгаратә гәыҧ ашәҟы рҭагалара амч амам ҳәа азырыҧхьаӡеит Ацентртә алхратә комиссиа хада аҟны. Азинтә шьаҭа азымхоу, мамзаргьы даҽа мзызу ари аҧшьгара адгылара замамыз? Уи атәы ҳанҵамҭа ҷыдаҿы.

23:11 Аҧхын алагамҭазы ақәаршыҩқәеи, анаҩс аарҩареи. Убри инаҷыданы еиуеиҧшым ахәаҷа-маҷақәеи. Аарыхра уи ишаныҧшыз, насгьы анхацәа аҳәынҭқарра аҿынтәи ацхыраара ироуа атәы дазааҭгылеит атәыла ақыҭанхамҩа аминистрра агроном хада Едуард Барганџьиа ҳаиҿцәажәараҿы.

 

Media

Иҵегь ари акатегориаҟны « Амчыбжь 27.08.2023 Амчыбжь 24.09.2023 »