

Уаҟа иаартын Дырмит Гәлиаихьӡзху амемориалтә ӷәы. Абаҟақәа рҿы апоетцәа Дырмит Гәлиа ихцәажәеит, ашколхәыҷқәа иажәеинраалақәа ирыҧхьеит.
Аҧснытәиаҳәынҭқарратә унивирситет афакультетқәа зегьырыҟны имҩаҧысит астудентцәеи, аспирантцәеи,аҵарауаа қәыҧшцәеи рыҭҵаара-практикатә конференциа. Афилологиеи ажурналистикеи афакультет аҟны жәа-ҩык ажәахәқәа ҟарҵеит еиуеиҧшым атемақәа рыла.
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилак сынтәатәи ашықәс ҳанҭала инаркны ихацнаркит Аҧсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи 22 нызқь инарзынаҧшуа аҧсышәала ицәажәо алитературатә шәыҟәқәа рызшара.Ас еиҧш акциа хықәкыс иамоуп аҧсуа бызшәа аҿиара.
Уажәшьҭа илху амҩа иқәланы ицатәуп, аҿиара аиурц азы, ҳәа азгәеиҭеит Жәлар Реизара адепутат Беслан Ҳалуашь ҳкорреспондентцәа аниҿцәажәоз. Иара иҳәеит,иахьатәи аамҭазы Аҧсны аинвестициақәа ралагалара шхырхарҭа бзиоу. Азакәанаганахь ала аиҭакрақәа аҭахханы иҟалозар, Жәлар Реизараҿы уи иахәаҧшхоит,иҳәеит адепутат.
00:12 Амҩаҧгаҩ: Сима Аргәынҧҳа
01:01 Жәларбжьаратәи Аекономикатә форум. Амчыбжь акәым, ашықәс ахҭыс хадақәа ируакыз аусмҩаҧгатә аихшьаалақәа.
14:31 Ҳтәыла иамоу аинвестициатә потенциал аарҧра алнаршеит афорум. Аекспертцәа ргәаанагара.
20:03 Мшаҧмза ҩба рзы иҵит шықәсык, аҳәынҭҭкарра Ахада Бадра Гәынба имаҵзураҭыҧ дахагылоижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны атәылаҿы иҟалаз аиҭакрақәа ирызкуп ҳанҵамҭа.
29:51 Иаса Қьырса Иерусалим данҭалаз амш, ақьырсианцәа рзы акрызҵазкуа аныҳа - Аҩеиӡтә ныҳәа.