

Амшхәаҧштә аҿы ҩ-зҵаара хадак ықәгылан- Аҟәатәи аҟәша ахантәаҩи , ихаҭыҧуаҩи рышьақәырҕәҕәареи, нанҳәамзазы апартиа аизара ду иалахәхо аделегатцәа рышьақәырҕәҕәареи.
Сынтәа Аҧсны ашколқәа ибзиаӡаны ҳәа ирылгеит зқьи аашәи ҩынҩажәи жәохә-ҩык аҿар. Урҭ рахьтә ахьтәы медалқәа рыла иалкаахеит х-ҩык. Дара рнапаҿы ирыҭан ашкол ибзиаӡаны ишалгаз атәы зҳәо амедалқәа. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаҧысуаз ареспубликатә хәылҧазы даҭааит Аҧсны ахада Бадра Гәынба. Аҿар ргәалаҟазаара зеиҧшраз шәныруеит анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Убри азы Гәдоуҭа араион ахадареи, Самара ақалақьтә округ ахадареи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аҧсны ахада Бадра Гәынба асасцәа дырҧылеит, уаҟа ирылацәажәан аҧхьаҟатәи рхықәкқәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Ииуль ҧшьба, 1993 шықәса рзы Гәымысҭатәи афронт ала Аҧсны ахақәиҭтәразы аҧсуа еибашьцәа анжәылоз, урҭ ацхыраара рырҭарц Гәдоуҭантәи Аҳбиук ахәы аҳаракыраҿы верталиотла адесант дыртәеит. Аха аибашьцәа аверталиот аҭыҵха рымҭакәа ақырҭқәа реихсра иалагеит. Уи аҽны иҭахеит адесант иалаз ҩынҩажәи фҩык рахь ҩаижәи жәҩык, иҟоуп хабарда ибжьаӡыз. Рыҧсы ҭаны ихынҳәит жәибыжьҩык аибашьцәа. Шьыжьнаҵы ахьӡ- аҧша апарк аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларратә усзуҩцәа . Анаҩс ҳаруаа ахьҭахаз аҭыҧ аҟны игылоу абаҟаҟны ашәҭҭқәа шьҭарҵарц ихалеит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба , уи ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа , Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба , атәылахьчара аминистрра анапхгара , аибашьра аветеранцәа , иҭахаз афырхацәа рҭаацәа , ауаажәларра .
Уи аҳаҭыр азы, ақалақь аҿы еиҿкаан аусмҩаҧгатәқәа жәпакы. Афонҿыц ахьӡ- аҧша абаҳчаҿы ф- ҵлак еиҭарҳаит. Ари аусмҩаҧгатә Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз аҳаҧы аусзуҩцәа ргәалашәара иазкыуп. Ажәабжь иацылҵоит Шьазина Ханагәуаҧҳа .