
Ииуль ҧшьба, 1993 шықәса рзы Гәымысҭатәи афронт ала Аҧсны ахақәиҭтәразы аҧсуа еибашьцәа анжәылоз, урҭ ацхыраара рырҭарц Гәдоуҭантәи Аҳбиук ахәы аҳаракыраҿы верталиотла адесант дыртәеит. Аха аибашьцәа аверталиот аҭыҵха рымҭакәа ақырҭқәа реихсра иалагеит. Уи аҽны иҭахеит адесант иалаз ҩынҩажәи фҩык рахь ҩаижәи жәҩык, иҟоуп хабарда ибжьаӡыз. Рыҧсы ҭаны ихынҳәит жәибыжьҩык аибашьцәа. Шьыжьнаҵы ахьӡ- аҧша апарк аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларратә усзуҩцәа . Анаҩс ҳаруаа ахьҭахаз аҭыҧ аҟны игылоу абаҟаҟны ашәҭҭқәа шьҭарҵарц ихалеит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба , уи ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа , Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба , атәылахьчара аминистрра анапхгара , аибашьра аветеранцәа , иҭахаз афырхацәа рҭаацәа , ауаажәларра .