

Раҧхьаӡа акәны ашьапылампыл маҷ азы афиџьитал турнир мҩаҧысит Аҧсны лаҵарамза 14,15 рзы аилахәыра «Амобаил» амчала. Уи рхы аладырхәт 13-17 шықәса зхыҵуа аспорсменцәа рыла ишьақәгылоу аа-командак. Ари ахәмарыҩцәа рзы еиҧш, ахәаҧшцәа рзгьы ҧышәа ҿыцуп. Арҭ аҧсшьарамшқәа рзы астадион маҷ «Совмин» аҿы еиндаҭлон атехнологиа ҿыцқәа рҟни адәаҿи еиҧшны зхы аарҧшра зылшаз арҧарцәа. Изакузеи фиџьитал, насгьы уи аформат аҧеиҧши ҭырҵаауан ҳкорреспондентцәа.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Вольвачи, Аҧсны аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаби аҭааит Лабра ақыҭа. Араҟа рыблала ирбеит ахш зауад ахыбра аргыларазы аусурақәа ахьынӡанеихьоу.
Альготтә кредит ала анаплак маҷи абжьаратә наплакыи рхырхарҭа ала Аҧсны аекономика аминистрра арзаҳалқәа рыхәаҧшра аус хацнаркуеит. Аҧыза-аминистр Владимир Делба идикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Вольвач напхгара зиҭо аделегациа.
Уахатәи ҳҭыжьымҭаҿы ишәыдаагалоит:
Амедицинатә усзуҩцәа рымш ныҳәаазы ишәыдаагалоит аҳақьым иҿцәажәара;
Амчыбжь ахҭысқәа ааркьаҿны;
Ашьхымзақәа нзырҵәар алзыршо ачымазара цәырҵны иҟоуп Аҧсны уи иазкуп ҳанҵамҭа ҷыда.
Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи шәыдаагалоит ҳдырраҭараҿы.