

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы аҿы имҩаҧысит уаҟа акыр шықәса аус зухьаз, зыжәлари зыҧсадгьыли ирзааигәаз Џьон Смыри , уи иаб Чықь (Мысҭафа) Смыри авторцәас измоу "Аамҭақәа реигәныҩра"захьӡу ашәҟәы аӡыргара. Уи ҭыҵит иара иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь. Ари ашәҟәы редакторс дамоуп Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу. Афинанстә дгылара ҟанаҵеит Аҧсадгьылахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы. Ашәҟәы еиднакылеит, Џьон Смыр иҩымҭақәа реиҧш, иаб Мысҭафа Смыр игәалашәарақәагьы. Ашәҟәы аӡыргара иалахәын Џьон Смыр иҭаацәеи, иҩызцәеи, акыршықәса аус ицзухьаз иколлегацәеи. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Ашықәс ҿыц аламҭалаз, есышықәса аминистрцәа реилазаара аҧсаӡҵлақәа рыҧҟара азин шыҟам ала ақәҵара рыдыркылоит. Ари аус абнахьчаҩцәа хылаҧшра шарҭоугьы,уажәнатә афактқәа ашәҟәы иҭагалоуп. Изакәанымкәа аҧсаӡҵлақәа рыҧҟара иаҿагыланы имҩаҧгоу аусрақәа ртәы анҵамҭаҿы.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аҧшьгарала, Аҧсны ари амш азгәарҭоижьҭеи 11шықәса ҵуеит. Убас, иахьа, Аҧсны ашколқәа зегьы рҿы имҩаҧысит ақьиара аурокқәа. Агәыҳалалратә акциақәа рзы азакәан Аҧсны ирыдыркылеит 1992 шықәсазы. Арыцхә аҵаки афондқәа русуреи анҵамҭаҿы.