АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхәаша, 14 Абҵара 2025 03:22

Аҧсадгьыл ахь ахзынҳәразы аҳәынҭеилакы аҿы иӡырган "Аамҭақәа реигәныҩра" захьӡу ашәҟәы

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы аҿы имҩаҧысит уаҟа акыр шықәса аус зухьаз, зыжәлари зыҧсадгьыли ирзааигәаз Џьон Смыри , уи иаб Чықь (Мысҭафа) Смыри авторцәас измоу "Аамҭақәа реигәныҩра"захьӡу ашәҟәы аӡыргара. Уи ҭыҵит иара иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь. Ари ашәҟәы редакторс дамоуп Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу. Афинанстә дгылара ҟанаҵеит Аҧсадгьылахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы. Ашәҟәы еиднакылеит, Џьон Смыр иҩымҭақәа реиҧш, иаб Мысҭафа Смыр игәалашәарақәагьы. Ашәҟәы аӡыргара иалахәын Џьон Смыр иҭаацәеи, иҩызцәеи, акыршықәса аус ицзухьаз иколлегацәеи. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Media

Архив новостей

« Абҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30