АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 03 Лаҵара 2024

Aхәаша, 03 Лаҵара 2024 22:22

Амшеикәшара 03.05.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Жәлар рыкәашара ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль «Ашара» Чечентәыла имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи ажанр рацәатә еицлабра «Единство и дружба народов» аҟны актәи аҭыҧ агеит. Аҧхьахә зманы зыҧсадгьыл ахь игьежьыз дрыҿцәажәеит Амра Зарандиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу, Аҧсны зҽаҧсазтәыз афымцамч аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зыхҵаз Нури Виктор-иҧа Агрба.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧхьахә ҭыҧ згарыда? Хәы-мз ирылагӡаны акультура аусзуҩцәа – акәашацәа еиндаҭлалоит. Иҿыцу акәашаратә проект «Еицыкәашоу» актәи аконцерт мҩаҧысит аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Азал ҭәын. Ахәаҧшцәа ирбоз – ираҳауаз еигәырҕьон. Жәиҧшь-ҩык акәашаҩцәа, ҩыџьа-ҩыџьала рыҽшаны, актәи аҭыҧ азы еицлабуеит. Иаиааиз ҧшьышәи ҩынҩажәи жәаба нызқь мааҭ аҧара ирҭоит. Аицлабра актәи амш шымҩаҧысыз ҳкорреспондент Наала Чхьынџьериаҧҳа лыблала.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Урҭ аруаа реиҧш, арезервтә бригадақәеи аполкқәеи рылахәын. Дара рҿаҧхьа иқәгылаз адҵақәа зегьы нарыгӡеит. Ажәабжь иациҵоит Даур Инаҧшьба.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31