АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 26 Ԥхынгәы 2023 21:44

Аҳаирбаҕәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылареи аусура аларгареи рзы аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит

Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаир баҕәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылареи, аусура аларгареи рзы аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит апарламент аилатәараҿы. Уи азы Аҧсни Урыстәылеи реиҳабыра аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩхьан. Жәлар реизара адепутатцәа убасгьы азакәанҧҵаратә актқәа рыхәҭаки изыцҵоу ахәҧса ашәахтәқәа рзы азакәанқәа аҧсахрақәа аларгалеит. Аилатәараҿы ирыхәаҧшит ҩажәа зҵаара инареиҳаны. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан акадртә зҵаарақәагьы . Ахашаҽны инаркны жәлар реизара адепутатцәа ҧсшьара ицеит. Ажәабжь иациҵоит Даур Инаҧшьба .

Media

Архив новостей

« Ажьырныҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31