* Aҩаша, 03 Ԥхынкәын 2024
Урыстәыла имҩаҧнагоу арратә операциа ҷыда иалахәу аветеранцәа гәыҧҩык Гаграҟа ҧсшьара иааит
Аҧсны атуризм аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ҭеимураз Хышба хаҭала иҟаиҵаз ааҧхьарала, Урыстәыла имҩаҧнагоу арратә операциа ҷыда иалахәу аветеранцәа гәыҧ-ҩык ҧсшьара иааит Гаграҟа. Жәамш ирылагӡаны ргәабзиара еиҭашьақәдыргылоит аҳақьымцәа рхылаҧшрала. Ирзеиҿыркаауеит аныҟәарақәа. Ирҭаауеит аҭыҧ ҧшӡаррақәа. Ажәабжь иацылҵоит Сариа Кәарцхьиаҧҳа
Аинформациатә хархәага Спутник-Аҧсны иахыҵит жәа-шықәса
«Ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит. Аӡә дышәҩыкны дҳаҧхьаӡоит»,- абас ауп ишырзыҟоу ҳтәылаҿы қәҿиарала аус зуа «Спутник Аҧсны» аколлектив раҧхьаҩцәеи рзыӡырҩцәеи. Ҩ-бызшәак рыла аус зуа ҳколлегацәа рымш ныҳәа аҽны адныҳәаларақәа лыманы дырҭааит Наала Чхьынџьериаҧҳа. Шәахәаҧш анҵамҭа.