* Aхаша, 25 Ԥхынкәын 2024
Очамчыра араион аҟынтә ашколхәыҷқәа Аҧсаӡ хадахьы Аҟәаҟа ааҧхьара рыҭан
Амш иалагӡаны еиуеиҧшым илахҿыху ахҭысқәа ирылахәын. Аҧсны ахәаахәҭра-ааглыхратә палата еиҿнакааз акциа иазкны Амра Зарандиаҧҳа ланҵамҭа.
В. Бганба ихантәаҩрала афымца шәарҭадара алыршаразы ареспубликатә штаб аилатәара мҩаҧысит
Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ихантәаҩрала афымца шәарҭадара алыршаразы ареспубликатә штаб аилатәара мҩаҧысит. Ҧхынҷкәынмза хҧа инаркны хәышәи жәаба криптовалиута рҳага мыругақәа ауааҧсыра ирымхын. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит апатриот, ауаҩ гәыҭбаа, зажәеи зуси еимадаз Вахтанг Гәаланӡиа
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Вахтанг Гәаланӡиа агәыҧ «Дельфин» далахәын. Ҩынтә ахәра иоухьан. Аибашьраҿы иааирҧшыз агәаҕьра ҕәҕәазы «Агәымшәаразы амедал» ианашьан. Ҩнызқьи ҩажәи ҩба шықәса рзы Вахтанг Владимир-иҧа Жәлар реизара адепутатс далхын. Уи активла далахәын апарламенттә усура, ҭакҧхықәралагьы иус дазыҟан. Иара ипрофессионалтә ҩаӡареи, иҧсҭазааратә ҧышәеи ааирҧшуан дызлахәыз аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы Жәлар реизара ахеилак аҿы, иара убас аграртә политикеи, аҧсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы ахеилак аҿы. Вахтанг ианакәзаалакгьы даартын, ауаа рыбзиабара ирҳахьан. Арыцҳара иақәшәаз диеиҩсуамызт. Арҭ амшқәа рзы, дыҟамзар ҟалап Аҧсны аӡәы зылахь еиқәымыз. Абас еиҧш залымдарала иҿырҧшыгаз аҧсуа хаҵа иҧсҭазаара ахьҿахҵәаз.
Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәа мшқәа раан шәгәы зырлахҿыхша ақәыргыламҭақәа шәзыҧшуп атеатрқәа рҿы
Урҭ иарбан рыцхәқәоу ианыҟало, насгьы шәагымхакәа шәырҭаарц азы, убасгьы ақәыргыламҭақәа зеиҧшроуи анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Аныҳәатә гәалаҟара аҧызҵо ашықәс ҿыцазтәи аспектакль «Мириа» аҧхьарбара мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын 25 рзы
Илахҿыху, иссиру, аныҳәатә гәалаҟара аҧызҵо ашықәс ҿыцазтәи аспектакль «Мириа» аҧхьарбара мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын ҩажәи хәба рзы. Аҧсуа драматә театр иазнархиаз ақәыргыламҭа ҿыц ҳамҭак иаҩсуеит хәыҷи-дуи рзы. Ҳҭыхратә гәыҧ аҭааит аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵарақәа руак. Аҭаацәеи ахәыҷқәеи ишәабжьаргоит «Мириа» аҭаара. Шәакьыс илаку адунеи.
Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы згәы бзиамкәа ирыдыркыло ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара рацәаӡам
Алаҵа аҟаҵара атәы ҳҳәозар, уи аҭагылазаашьа аҽаҧсахӡом, иҟазҵоу шыҟоу еиҧш мап ацәызкуагьы ыҟоуп. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.