* Aмҽыша, 22 Ԥхынкәын 2024
Ҧхынҷкәын 20 рзы аҵаҩцәа аӡынтәи аҧсшьарамшқәа рахь ирышьҭуеит
Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҧсны аҵара аминистрра. Уажәы Аҟәа аус зуа абжьаратә школқәа рҭагылазаашьа зеиҧшро еилыркаауан ҳкорреспонднтцәа.
Гәылрыҧшь араион ахадара акоммуналтә усбараҭахь ахархәаразы ирыҭоуп атехника ҿыц
Урҭ аахәан аҭыҧантәи абиуџьет ахархәарала. Убасгьы Мархьаул ақыҭантәи аӡыхь иахагыло ахыб рыҧсахуеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспрндентцәа.
Жәлар Реизара аилак аилатәара аан иҟалаз ахысра иахҟьаны, адепутат В. Гәаланӡиа иҧсҭазаара далҵит
Иахьа Аҧсны Жәлар Реизара аилак аилатәара аан иҟалаз ахысра иахҟьаны адепутат Вахтанг Гәаланӡиа иҧсҭазаара далҵит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәрақәа иоуит.
Ҳтәылаҿы афымцамч азымхара иахҟьаны ауааҧсыра аӡыржтә рызнеира аиҧҟьарақәа амоуп
Д.Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра иазкыз аныҳәа мҩаҧган Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны
Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара мҩаҧган Самсон Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Уи далахәын Аҧсны Ахада инапынҵақәа назыгӡоу Бадра Гәынба. Агәырҕьаратә еилатәара иалагаанӡа атеатр афое аҿы имҩаҧысит Жәлар рышәҟәыҩҩы илитература- мемориалтә музеи еиҿнакааз ацәыргақәҵа. Анаҩс Идырбан Дырмит Гәлиа илирикатә поезиа иалху аспектакль «Иареи Лареи».