Есышықәса, хәажәкыра ҧшьба рзы Сергеи Уасил-иҧаанышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭа иаҭаауеит хыҧхьаӡара рацәала атәыла ауааҧсыра. Сергеи Уасил-иҧа игәалашәара аҿаҧхьа ихырхәеит аҳәынҭҭкарра Ахада Бадра Гәынба, ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Аҧыза-министр Владимир Делба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларра ашколхәыҷқәа.