Хәажәкырамза ҧшьба ҳҳәынҭқарразы акрызҵазкуа ҭоурыхтә рыцхәуп. Ҩ-нызқьи жәа-шықәса,хәажәкыраҧшьба рзы иҧсҭазаара далҵит Аҧсны раҧхьатәи Ахада , ҳаамҭазтәи Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба. Иара убас,хзажәкыра ҧшьба рзы диит аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада, Аҧсны ахьыҧшымра азаагара зыхьӡ адҳәалоу Сергеи Багаҧшь. Арҭ арыцхәқәа инарымаданы, Аҧсны анапхгареи, аиҳабыреи , ауаажәларра рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи ақыҭақәа Ешыреи Џьгьардеи ирҭааит, Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи ргәалашәара аҿаҧхьа ихырхәаразы.