Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа идҵала, Гәдоуҭеи Очамчыреи рраионқәа аџьықәреи алаҵаразы ажәла рзыршоит. Ҵыҧх аҳауа аҭагылазаашьа иахҟьаны анхацәа раарыхра ишазыҧшыз еиҧш изыҟамлеит. Ари аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, сынтәа анхацәа рџьабаа бзабааны ирҧыларазы аҳәынҭқарра излауала ацхыраара ҟанаҵеит. Аџьықәреи лаҵатәы ирыҭахоит ишьақәыргылоу асиақәа инарықәыршәаны.