Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aҧшьаша, 23 Лаҵара 2024 09:30

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш Аҧсны есышықәса иазгәарҭоит

Азеижәтәи ашәышықәсазы зықьҩыла аҧсуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ааныжьны ицар акәхеит Ҭырқәтәылеи ааигәатәи мрагылара атәылақәеи рахь. Аҧсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа адунеи ҩынҩажәа ҳәынҭқарра инарзынаҧшуа инхоит. Зегь реиҳа аҧсуа диаспора рхыҧхьаӡара рацәоуп Ҭырқәтәылан. Аҭоурыхтә ӡыблара иақәыршәаз амш ҳтәылаҿы еснагь иргәаладыршәоит. Убас, сынтәагьы аҧсадгьыл ахь ахынҳәраз аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааит Самсон Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны атеатралтә қәыргыламҭа.

 

Media