Ҭагалантәи аноктиурн – ари Аҧсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә мҩақәа реимадара иахылҿиааз хәылҧазуп. Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы имҩаҧгаз ари аиҧылара ахаҿсахьа хадақәа – апоетцәа Гәында Сақаниаҧҳиа, Гәында Кәыҵниаҧҳа, иара убасгьы, Урыстәыла анҭыҵгьы зыхьыӡ наҩхьоу, Сергеи Есенин ипремиа алауреат, апоет Светлана Максимова. Ахәылҧаз шымҩаҧысыз анаҩстәи анҵамҭаҿы.