Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаҧысит аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Шьазина Џьапуа аибашьра аантәи лымшынҵақәа реизга аӡыргара. Уи иалахәын аҵарауаа, аибашьра аветеранцәа, Жәлар реизара адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.