Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы аибашьара аветеранцәа еизалоит, иргәаладыршәалоит изнысыз амҩа , ирывыршьааз рҩызцәа. Убас «Скорпион» агәыҧ иалаз еиқәшәеит Тҟәарчал. Уи алыршан Аҧсны Афырхаҵа Нодар Какәбаа иҟаиҵаз адгыларала . Иҳәатәуп «Скорпион» иалахәыз рахьтә 21-ҩык шҭахаз , дара рҭаацәарақәа аҧсны афырхаҵа Нодар Какәбаа иҟаиҵаз аҧшьгарала аҧаратә ҳамҭа рыҭан .