Зынӡа аицлабрахь иаашьҭын аусумҭақәа зеижә. Урҭ зегь аиааира атема иадҳәалазар акәын. Рӡыргара мҩаҧысит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аҧша аҳәынҭқарратә музеи аҿы.Аиааира згаз афильмқәа авторцәас ирымоуп ажурналистцәа Манана Кәакәасқьырҧҳа, Фатима Қәҭелиаҧҳа, Елеонора Гилоиан. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.