Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aхәаша, 21 Ԥхынгәы 2023 22:06

Леонид Лакербаиа напхагар зиҭоз аделегациа, арҭ амшқәа рзы Ингәыштәыла иаҭааит

Уахь рцара хықәкыс иаман ҳаибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа, ҭабуп ҳәа раҳәара, рҭагылазаашьа аилкаара. Аусмҩаҧгатә азгәаҭан аиааира ҩажәижәба шықәса ахыҵра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иааидкыланы, Ингуштәылантәи Аҧсны еибашьуан жәаҩа-ҩык, ҧшь-ҩык ҭахеит. Ишеилкаахаз ала, иҭахаз рҟынтәи, иахьазы ҩыџьа рҭаацәа рыҧсы ҭоуп убарҭ ирҭааит аделегациа. Хатәгәаҧхарала Аҧсны еибшьуаз рҭаацәа аҳамҭақәа рзыҟаҵан, убасгьы аиааира аламҭалаз Аҧсныҟа ааҧхьара рыҭан. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Media