Ҟабарда -Балкартәи ареспублика ахада Валери Коков иҟаиҵаз ааҧхьара ала, Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа Нальчик ақалақь даҭааит. Иара далахәын жәларбжьаратәи аҿар-туристтә патриоттә форум «Единый Кавказ» апроект асессиа. Хадаратәла иара еиднакылон аҿар. Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа афорум иалахәыз рҿаҧхьа дықәгылеит. Ажәабжь иациҵоит Даур Инаҧшьба.