Иааигәахо Аиааира амш ҩажәи жәаба шықәса ахыҵра инадҳәаланы, ҳреспубликаҿы имҩаҧысуа аусурақәа рацәоуп . Еиҭадырҿыцуеит аҭоурых змоу Аҟәатәи Ацҳа ҟаҧшьгьы. Араҟа имҩаҧысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылаҧш зхыу ауааҧсыра, еиҳараӡакгьы ақалақьуаа, даараӡа иазҿлымҳауп ацҳа ҧшшәыс иаанахәауа. Уи лдыруеит, ҳәарада ,ҳкорреспондент Лаура Қаҧшьҧҳа .