Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aхаша, 07 Рашәара 2023 21:32

Иацҵоуп Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи Аҧсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа рҭаацәарақәа рҭаара

Аиааира ҩажәижәаба шықәса ахыҵра аҳәаақәа ирҭагӡаны, иацҵоуп Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи Аҧсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа рҭаацәарақәа рҭаара. Арҭ амшқәа рзы агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» ахаҭарнакцәа Леонид Лакербаиеи Лиалиа Чамагуаҧҳаи Ҟарачы-Черкесски, Адыгатәылеи инхо, хатәгәаҧхарала еибашьуаз,иҭахаз рҭаацәарақәа рҿаҧхьа ихырхәаразы Аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵра рыдырныҳәаларазы ирҭааит. Ҩ-республикак рҿы жәоху ҩнаҭа иҭабуп ҳәа раҳәан, Аҧсны анапхгара ахьӡала аҳамҭақәа рыҭан.

Media