Иахьатәи ҳҭыжьымҭаҿы:
- Иҧшьоу Ураза-баирам аҧсылманцәа ирыдиныҳәалеит Аҧсны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба ;
.Амчыбжь ахҳәаа. Ииасыз ахҭыс хадақәа ааркьаҿны. Акыр шәаҩшәыжьызҭгьы – еиҭашәгәалаҳаршәоит;
Аҧсны Арбџьамчқәа рархив аҿы иҵәахәуп аибашьра иадҳәалоу адокументқәа реиҳарак. Урҭ аус рыдуланы ацифрахь ригара гәҭакыс ирымоуп, иақәнаго ацыхраара роур. Адырраҭара анҵамҭа ҷыда.
- Мшаҧымза ҩба рзы имҩаҧысуеит атәыла ахадас иалху иҭоубашьҭаҵара ацеремониа. Уи аҽны иазҧхьагәаҭоу асумҩаҧгатәқәа дырзааҭгылеит атәыла ахада иабжьгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Абессалом Кәарҷиа;
Хәажәкырмза ҩажәи жәаба рзы имш ироуп атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба.