Адырраҭарақəа

Аза Гәымба - Агәмаа

Жәытә-натә аахыс ҳажәлар ирылиаауеит анацәа афырҧҳәызбацәа, зхьаа-згәырҩа ҩныҵҟала иҵәахны, аҧсҭазаарахь иуҧхьо. Ҳаҷкәынцәа ҳадмырҧхашьеит, ҳажәлар ршьамхы арсны џьоукы рхәура иҭарымҵеит зҳәо. Анацәа, зылаҕырӡ зыхчы иалабоз, змыткәамбжьы иацәыҧхашьаны изхәаҽуаз, иаанхаз аҵеира еиқәырха ҳәа Ҳазшаз иҿаҧхьа иматанеиуаз. Урҭ анацәа афырхацәа дыруаӡәкуп Аза Гәымба-Агәмаа. Лыҧшәма Руслан Агәмааи лареи ирааӡон хә-ҩык ахшара – ҩыџьа аҧацәеи х-ҩык аҧҳацәеи. Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҭаацәа Аҟәа иҟан. Аза Гәымба-Агәмаа лыҷкәын аиҳабы Асҭамыр Агәмаа ҩажәа шықәса ихыҵуан. Ҳаҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла игәы мыҭрысит, абжьар шимамызгьы иҩызцәа дрыцны дцоит еибашьра.

Media