Адырраҭарақəа

Амшеикәшара иацу. Ҳасан Қардиа

Азеижәтәи ашәышықәсазы зықьҩыла аҧсуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ааныжьны ицар акәхеит Ҭырқәтәылеи ааигәатәи мрагылара атәылақәеи рахь. Аҧсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа адунеи ҩынҩажәа ҳәынҭқарра инарзынаҧшуа рҟны инхоит. Зегь реиҳа аҧсуа диаспора рхыҧхьаӡара рацәоуп Ҭырқәтәылан. Амҳаџьырқәа ирхыҧхьаӡалоуп Џыџь Қардиа иҭаацәара. Иҧа Ҳасан ахҧатәи абиҧара даҵанакуеит. Қардиаа рҭаацәара Гәдоуҭа араион,Оҭҳара ақыҭантә ихдырҵәаз иреиуоуп. Дара усҟан Қьефқьен апровинциахь нхара ҳәа иааргеит. Аха ахҵәаҩцәа ахырацәаз иахҟьаны ашара рықәшәеит.Ҧыҭҩык ақыҭа Ефқьениахь нхара ицеит,Ҳасан Қардиа иҭацәаара ракәзар – Дербент ақалақь ахь. Уаҟа анхара иалагоит. Усҟантәи аамҭа шыцәгьазгьы,Қардиаа рҭаацәара унеишь уааишь ҳәа ззырҳәоз ракәхеит.Ҳасан Қардиа ҩ-нызқьи жәохә шықәса инаркны Коджаелиа иҟоу аҧсуаа культуратә хеилак хантәаҩыс дыҟоуп,хҩык ахшара драбуп. Иара аҧсышәала дцәажәаӡом,аха аҧсуаа рытрадициақәа иҭаацәеи иареи иныҟәыргоит.

Media