Адырраҭарақəа

Амчыбжь 28.05.2023

Аҭыжьымҭаҿы: 00:14 Амҩаҧгаҩ - Сима Аргәын-ҧҳа 01:15 Адгьыл аҟны, ианаҭаху аҳауаҿы, мамзаргьы аӡаҿы змаҵзуратә уалҧшьа назыгӡо. Лаҵарамза ҩажәи ааба Урыстәыла аҳәаахьчаратә архәҭақәа ирымшуп. 01:53 Аҧсуа ҳәынҭқарратә ансамбль Москва Чаиковски изал аҿы иқәгылеит. 03:33 Аполитика, аекономика, асоциалтә хырхарҭа. Амчыбжь ахҭыс хадақәа рыхҳәаа. 06:14Ҭҟәарчал асоциал-економикатә ҭагылазаашьа. Араион арҿиаразы шьаҿақәас иҟаҵоу ртәы ҳанҵамҭа ҷыдаҿы. 17:47 Аҩныҵҟатәи ҳҭышәынтәалара адәныҟатәи аполитика анырра анаҭоит. Уи атәы азгәеиҭеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа ҳаиҿцәажәараҿы.

Media