

Аӡынра аҵыхәтәантәи амза ҳҭалеит. Амшқәа шыхьшәашәоугьы, макьаназ ашьхарахьадаасы ҳәа акгьы млеиц. Илеиуама ахәыҷқәа ззыҧшу асы,изеиҧшрахозеи аӡынраанҵәамҭа? Арҭ азҵаарақәарҭак ҳалҭеит аҳауагәаҭаҩ Асида Ахсалба.
Дара мҩаҧысуеит Аҧсны аҵара аминистрра акоординациатә хеидкыла аҳәаақәа ирҭагӡаны.Аҳәынҭқарратә унивирситет арҵаҩцәа раҧхьатәи аиҧылара рзымҩаҧыргеит Кондрат Ӡиӡариа ихь ӡзху Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы.Инарҭбаан ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿ.
"Аҧсны амедиа ҿыцқәа" ахҧатәи амодуль аҵарадырратә программа,мҩаҧысит Москва иҳаҩсыз амчыбжь азы. Аҧсуа журналистцәеи аблогерцәеи даараӡа азҿлымҳара змаз апрограмма рзеиҿкаан.
Аҧсныҟа дааныдыҟоуп ҳџьынџьуаҩ, азинхьчаҩ, Ҭырқәтәыла иҟоу АднАН МендерЕС иунивирситет адоцент, Ельчин Аӡынба. Лара Еиду амилаҭқәа реиҿкаара афорумқәа рҿы аҧсуаа рзинқәа лыхьчоит. Дықәгылоит Кавказ ассоциациаәа рфедерациа ахьӡала.
Аҧсны аҳәынҭқарра асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра иатәу аҳәынҭқарратә усбарҭа Аҧсныжәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд анапхгара иҳаҩсыз ашықәсазтәи русура еихыршьаалеит. Иҟарҵеит алкаақәа ари ашықәс азы еиҳа изызхьаҧштәу азҵаарақәа рзы.
Азакуантә актқәа рыхәҭаҷқәа аиҭакрақәа ралагалара, аҳәынҭқарратә шәахтә азы аҳәынҭқарратә закуан ахәбатәи астатиа аҧсахра алагалара уҳәа азҵаарақәажәпакы ирыхәаҧшын 2026 -тәи ашықәсазы Жәлар Реизара раҧхьатәи аилатәараҿы.