

Атәыла анапхгара иҟарҵо ацхыраара иабзоураны Гәылрыҧшь араион абыларацәыхьчара-аиқәырхаратә хәҭа ахыбра аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Араҟа аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раахыс шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧгамызт. Аха, уи ҧынгыламызт араҟа аус зуа аиқәырхацәа рзы, дара рус ламысцқьала инарыгӡон арҭ ашықәсқәа зегьы . Уажәы арҿыцрақәа рышьҭахь рус еиҳагьы ргәы алаҟоуп.
Аҧсшьаратә сезон ашыкьымҭа ҳҭагылоуп ҳәа азуҳәар алшоит. Иабанӡазыхиоу ҳтәыла аҧсшьацәа рыдкылара.Ҷыдала,Гәдоуҭа ақалақь аҧсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу аҳәоит уажәы ишәыдаагало анҵамҭа.
Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы ҧхынгәы мза ҩба инаркны жәаҩанӡа имҩаҧыслоит аҵараиурҭа афакультетқәа жәаба рҭаларазы абитуриентцәа рдокументқәа рыдкылара. Ҳҭыхратә гәыҧ ари апроцесс амҩаҧысшьа гәарҭон иахьа.