АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 26 Абҵара 2025

Aхаша, 26 Абҵара 2025 10:02

Амшеикәшара 25.11.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аӡынра аамҭазы зыҧсы зшьарц ҳәа иаауа аҧсшьацәа рхыҧхьаӡара абанӡарацәоу? Хаҭала, ашықәс ҿыц ҳхтәылаҿ иаҧыларц зҭаху шаҟаҩык ыҟоузеи? Иааизакны изеиҧшроузеи аҭагылазаашьа ҳсасааирҭақәа рҿы заанаҵтәи аҿаҵарақәа рганахь ала. Арҭ азҵаарақәа рыманы,ҳҭыхратә гәыҧ дәықәлеит ақалақь иаҵанакуа асасааирҭақәа рахь. Шәахәаҧш анҵамҭа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҟәа,аишьцәа Занҭариаа рымҩаду аҿы иҟоу афбатәи аӡеизгарҭаҿы адгьыл аҳәазара иахҟьаны, аҳҭны-қалақь мрагыларатәи ахәҭа ӡыда иаанхеит. Абар, ҩымшуп, ари ауадаҩра аҧыхразы араҟааус руеижьҭеи анаплакы Аӡыршьҭра аусзуҩцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Никита Симониан диит Армавир ақалақь аҿы. 30-тәи ашықәсқәа рзы иҭаацәа Аҟәаҟа нхара ҳәа ииасит.Абраҟоуп иара аспорт агәыбылра ахьикыз.СССР ачемпион,СССР ахраҿа занашьоу ашьапылампыл асҩы Аҟәатәи аклуб "Динамо" дааӡамҭоуп. Никита Симониан Аҧсны дыҟан 2022 шықәса, мшаҧымза 19 рзы. Ишәыдаагалоит усҟан иҟаҵаз анҵамҭа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аиҧылараҿы апалата ахаҭарнакцәа ажәалагала ҟарҵеит атәыла аполитикатә еиҿкаарақәеи амчратә усбарҭақәеи , адинхаҵаратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа алархәны афорум амҩаҧгаразы. Апалата аиҳабы Гәыли Кьычба даҽажәалагалакгьы ҟалҵеит.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Абҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30