Ахьҭақәа раан абылрақәа рхыҧхьаӡара иацлоит. Убри инамаданы, Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ауааҧсыра ргу рҽанырҵоит,иахьынӡалшо рынхарҭа ҭыҧқәа рҿы амцатә шәарҭадара аҧҟарақәа еиларымгарц азы.
Ҳтәылаҿы ача ахә иацлеит, ҩынҩажәа мааҭ иаҧсоуп. Мчыбжьқәак ҵуеит ус иҟоижьҭеи. Чахык ахә хә-мааҭк ахьацлаз знырыз ауаа агәынамӡара аадырҧшуеит. Иазыҧштәума ача ахә алаҟәра ? Ари азҵаара аҭак аҟаҵара лҽазылшәеит Наала Чхьынџьериаҧҳа
Угәы зырҿыхаша ажәабжь. Аҟәатәи ахашараиураҭа ҩнаҿы аныҳәамшқәа рзы иит жәааҩык амаалықьцәа. Аҟәа инхо рахьтә раҧхьа ииз ахәыҷы аҳҭнықалақь ахадара шәнызқь мааҭ аҧара ҳамҭас ирҭеит.Традициак иаҩызахаз ари аус иацҵо , Ҵкәуаа рҭаацәараҿы ииз аҵеи иан аҧаратә сертификат лнапаҿы илырҭеит.Ахҭыс бзиа ҳзеиҭалҳәоит Фатима Гьергьиаҧҳа.