АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҩаша, 28 Хәажәкыр 2023 21:05

Аҧыза-министр Александр Анқәаб ихантәаҩрала имҩаҧысит Аминистрцәа Реилазаара аилатәара

Ҩ-нызқьи ҩажәи ҩба шықәсатәи аҳәынҭқарратә биуџьеҭ инацны инагӡоуп хышәи ҧшьынҩажәи жәаа миллион рыла. Абри атәы иҳәеит Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ , афинансқәа рминистр Владимир Делба . Агәабзиарахьчара аминистрра иазоужьын миллиардк рҟынӡа аҧара . Ичмазаҩханы ирыдҵаалаз хынҩажәи аа-ҩык ацхыраара рыҭан, шә-миллионк инарыцны аҧара рзоужьын. Хәажәкырамза ҩажәи ааба рзы аҧыза-министр Александр Анқәаб ихантәаҩрала имҩаҧысит аминистрцәа реилазаара аилатәара . Ишьақәырҕәҕәан ибиуџьеттәым афондқәа фба иҳаҩсыз ашықәсазтәи русуразы аҳасабрбақәа . Атәанчаратә фонд акәзар, атәанчаҩцәа рҿаҧхьа ауал ақәӡам. Иззырымшәац раион заҵәык ыҟоуп , иара убригьы амчыбжь нҵәаанӡа ирызшәахоит . Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан егьырҭ азҵаарақәагьы . Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа .

Media

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31