АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 03 Ԥхынкәын 2025 09:06

Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҿы иаартын аурыс бызшәеи алитературеи рыкласстә уадақәа

Аҧсныи Урыстәылеи рҵарадырра аминистррақәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҿы иаартын аурыз бызшәеи алитературеи рыкласстә уадақәа. Урҭ ҳаамҭазтәи аҵарадырра иақәшәо анормақәа рыла еиқәыршәоуп. Иааидкыланы, ҳтәыла ашколқәа рҿы иаадыртраны иҟоуп 15 класс. Ари апроект анагӡара алыршахеит афонд "Сарасҭоурых"иҟанаҵаз адгылара ала. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Media

Архив новостей

« Ԥхынкәын 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31