
Аҧсны Атәылахьчар ааминистрраҟны азыҟаҵареи, азанааҭтә ҧышәа аизырҳареи рзы акурсқәа ирхысыз гәыҧҩык аофицарцәа адипломқәа ранашьан. Азыҟаҵарақәа мҩаҧысуан Аҟәатәи Иреиҳау азеиҧштә архәҭатә командатә ҵараиурҭаҟны. Урҭ ирылахәын амчратә усбарҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа.
