Аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа руалафахәы иацҵоуп 6000 мааҭ , аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа -5000, аклассқәа рнапхгаҩцәа -1800 мааҭ. Аҧсныи Аахыҵ-Уаҧстәылеи аалыҵқәа рыла реилахәаахәҭразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхоит. Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы изхәаҧшыз азҵаарақәа рацәоуп. Урҭ рҵакы еиҳа инарҭбааны Алиас Корсаиа ианҵамҭаҿы.