Арҭ амшқәа рзы Зҭоурыхтә ҧсадгьыл иаҭааз Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазареи аҭҵаарадырреи рфакультет аҟны иаҧҵоу аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша арҵаҩцәа Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра иаҭааит.Рыблала ирбеит аусушьа шеиҿкаау,ирҧылеит анапхгара, рхы аладырхәит Аҧсуа Радио адырраҭара.