Ажәҩан аҵаҟатәи амузеи иаҭааз ауаа рацәахеит. Хаҭала арахь имҩахыҵит Аҧсны анапхгара, ауаажәларра, аҭоурыхҭҵааҩцәа, еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтәи зыҧсы зшьо ауаа. Аҟәатәи абааҿы имҩаҧысуаз аремонттә усурақәа реиҿкаара алыршахеит аҳәынқарратә биуџьет аҟынтәи иазоужьыз аҧара иабзоураны. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.