Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идикылеит зҭоурыхтә ҧсадгьыл иаҭааз Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазареи аҭҵаарадырреи рфакультет аҟны иаҧҵоу аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша астудентцәеи арҵаҩцәеи.