Алитература аганахьала илылаз абаҩхатәра азы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ланаршьахьеит. Саида лгәалашәара аҳаҭыразы Аҟәа амшын аҧшаҳәаҿы, лара илыхьӡынҩылоу абаҟа амҵан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла агәаларшәагатә хәылҧазы еиҿыркааит. Уи ашҟа инаҧхьаз арҿиаҩы лажәеинраалақәа ирыҧхьеит, жәа хаала дыргәаларыдшәеит.