Аҧсны Ахада атәыла аҩнуҵҟа иныҟәара амҽхак ирҭбаауеит. Ҧхынгәа жәаха рзы Бадра Гәынба даҭааит ашьха қыҭа Ҧсҳәы. Ари ақыҭа еиҳа изланаскьоу ала, ианакәзаалакгьы ауадаҩрақәа аман, ирацәоуп изыргәамҵуа зынхарҭа ҭыҧ ааныжьра згәы иҭам анхацәа. Урҭ Ахада изеиҭарҳәеит ҳаамҭазы зегь раҧхьа иргыланы иӡбатәу азҵаарақәа. Аҧсны Ахада ицны Ҧсҳәы иаҭааит иара убас ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба.