
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvАдунеи аҟны иаҧҵоу жәларбжьаратәи амузеи амш инамаданы, ҳтәылаҿы ҩнызқьи жәохә шықәса раахыс иазгәарҭоит. Ари амш аҽны, амузеиқәа ашьыжь инаркны, ауха асааҭ 12 рҟынӡа аус руан. Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи ҧшьынҩажәа шықәса аҵра инамаданы, амузеиқәа рҿы аиубилеитә рыцхә азҿлымҳара ҷыда аҭан. Акциа амҩаҧгара иадгылеит акультура аминистрра. Аҧсны аҧыза-министр Владимир Делба ари ахҭыс ихы алаирхәит.