АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҩаша, 11 Хәажәкыр 2025 23:01

Ашколхәыҷқәа рзы аҭоурых аҭҵаараҿы ицхыраагӡа духо арратә патриотә ҟазшьа змоу астендқәа аагоуп

Аҧсныҟа иаагоуп ашколхәыҷқәа рзы аҭоурых аҭҵаараҿы ицхыраагӡа духо арратә патриотә ҟазшьа змоу астендқәа. Ари аус алыршоуп Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин игрант аҳәаақәа ирҭагӡаны . Астендқәа еидыркылоит х-биҧарак ирыҵаркуа афырхацәа рхаҿсахьақәа, Аҧсны Аџынџьтәылатә еибашьраҿы фырхаҵарыла зхы аазырҧшызи , Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәызи, иара убасгьы Урыстәыла Украина имҩаҧнаго аоперациа ҷыда аан иҭахаз афырхацәа рыхьӡқәа. Аҧсны аҵара аминистрра 30 стенд Аҟәа ақалақьи араионқәеи ирыҵаркуа ашколқәа ирзыршеит , Иаарласны егьырҭ иаанхаз ашколқәа рзгьы иаагахоит .

 

Media

Архив новостей

« Хәажәкыр 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30
31